Џьырхәа ақыҭа иалҵыз аԥырҩы Қьаазым Агрба анемец фашистцәа "Жәҩангәы аџьныш" ҳәа ишьҭан, асовет еибашьцәа ракәзар "ахьшьыцба" ҳәа изырҳәон. Иара 82 ԥырра наигӡеит аибашьраан. Дҭахеит 1944 шықәсазы. Иҩызцәа аԥырыҩцәа ракәзар аӷацәа ахьтәаз абомбақәа карыжьуан Қьаазым изы, "Агрба изы"- ҳәа аҩырақәа рынҵаны.
"Алекасандр Невтәи иорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра, Абираҟ ҟаԥшь, Аеҵәа Ҟаԥшь аорденқәа ианашьан. Ихаҵара аазырԥшуа хҭыск сазааҭгылоит. Идҵа нагӡаны дшаауаз, анемеццәа еиларбылхьаз, алҩаҵә зхатәалан иҟаз қыҭак длаҟәны дшахыԥраауаз, хәба-фба шықәса зхыҵуаз хәыҷык дкаҳабӷало, ԥсыи- бзеи дрыланы дшаауаз ибеит. Иҳаирплан ртәаны, ахьшь акәҷышь анаго еиԥш, дышьҭыхны дигеит. Уи ахәыҷы Приходько Колиа ихьӡын. Ашьҭахь аԥырҩцәа аполк аҟны ҷкәынас дрыман. Аибашьра ашьҭахьгьы аԥшаарақәа акыр мҩаԥыргахьеит, аха ахәыҷы ихабар, иҭоурых еилкаамкәа иҟоуп. Сталин адҵа ҟаиҵахьан 44-нтә қәҿиарала аҵԥрааразы Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵаразы. Егьырҭ амилаҭқәа иаԥсамхаз ҳәа уаҩ дыҟам, Қьаазым Агрба иҿы ианааи иҟамлеит. Уи икомандир Хоботов ииҩхьан- Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ианашьазарц. Сталин инапы аҵаҩҩымкәа иаанхеит уи ашәҟәы", — иҳәеит Габниа.