Ҳаџьымба Аиааира амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аиааира амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит.

Асовет ԥсадгьыл ахьчаҩцәа адунеи зегьы афашизм аҟынтәи ахы иақәиҭыртәит иҳәеит иара.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, азин сышәҭ гәыкала иԥшьоу аныҳәа ду, Аиааира амш шәадысныҳәаларц. Агәра згоит, шәфырхаҵара хашҭра шамоуа. 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рфырхаҵара иахьагьы иҿырԥшыгоуп еиҵагыло абиԥара рзы. Ҳара иаҳҭахуп ашықәс рацәа нышәҵырц. Изызҳауа аҿар аҭоурых хҭыс ду аӡбахә рзеиҭашәҳәаларц", — аҳәоит адныҳәалараҿы.

55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.