"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Еныкь ақәыргыламҭа "Аибашьра ахԥатәи амш" иазкны
© Sputnik
"Ари пиесаны иҩӡам, иара Шьалодиа Аџьынџьыл иҩымҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Хықәкыс иҳамоу аибашьра атема аарԥшра ауп. Уи иахааным, аибашьра акиносахьақәеи, архивтә кадрқәеи рыла издыруа рзы ирнырыртә еиԥш аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Аибашьра атема еснагь узлацәажәаша ауп. Иахьа, аамҭа бзиа анышьақәгыла шьоукы рыԥсадгьыли рыжәлари ирыхҭыргахьоу рхашҭуа иалагеит. Ақәыргыламҭа ала уи еиҭах иазхьаԥшырц ҳҭахуп. Сынтәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аиааира 25 шықәса ахыҵра иадаҳҳәалоит", — иҳәеит Еныкь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.