Пицундатәи аветеранцәа аҳамҭақәа рырҭеит

Акурорт "Пицундеи" ақалақь Ахадареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ аиааира 73-шықәса ахыҵра инадҳәаланы аибашьра аветеранцәа ирзыршәеит 10-10 нызқь мааҭ.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10– Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Акурорт "Пицундеи" ақалақь Ахадареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ аиааира 73-шықәса ахыҵра инадҳәаланы аибашьра аветеранцәа ирзыршәеит 10-10 нызқь мааҭ ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит АИХқәеи ауаажәларреи рнырразы аҟәша аиҳабы Азамаҭ Багаҭелиа.

"Акурорт "Пицундеи" ақалақь Ахадареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ аиааира 73-шықәса ахыҵра инадҳәаланы аибашьра аветеранцәа гәазыҟаҵарак аҳасаб ала ирзыршәеит 10-10 нызқь мааҭ. Иахьатәи аамҭазы Пицунда инхоит ԥшьҩык аветеранцәа— Николаи Толстых, Степан Виаткин, Анна Мандрикина, Анна Михаилова", — иҳәеит Пицунда Ахада ихаҭыԥуаҩ Алиас Аиба.

Аԥснынтәи 55 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра ду иалахәын.

17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит.