Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ҟрыми Севостополи аус рыцнаулоит

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Ҟрыми Севостополи ҩ-ганктәи русеицура мҩаԥгахалоит ақыҭанхамҩеи, абнанхамҩеи, абиологиеи, амедицинеи, аекологиеи, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи русхкқәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 — Sputnik, Бадри Есиава. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аботаника аинститут аҵиаақәа рыҟәша аиҳабы Сергеи Бебиа, Ҟрым иҟоу Никитсктәи аботаникатә баҳча адиректор, Ареспублика Ҟрыми Севостополи рыҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа реинырраз аусбарҭа аиҳабы Иури Плугатарь.

Сергеи Бебиа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра баша иҟалаз ак акәымкәа далацәажәеит. Аҟәатәии Никитсктәии аботаникатә баҳчақәа аинырра ҵаула рымоуп.

Гәыбаз "аҳ иԥсаатә" иазкны: аботаникатә баҳчахь иаагоуп ататашьқәа

"Никитсктәи аботаникатә баҳча Аҟәатәи аасҭа қәрала еиҳауп. Аханатәгьы арҭ абаҳчақәа рнапхгаҩцәа аинырра бзиеи аизыҟазаашьеи рыманы иҟан. Рԥышәа еимырдон", — иҳәеит иара.

Бебиа иажәақәа рыла 1843 шықәса рзы аботаникатә баҳчақәа русеицура иалҵшәаны Аҟәаҟа иаанагеит китаитәи ачаи асорт. Анаҩс уи Кавказ зегьы аларҵәара аиуит. Иури Плугатарь иазгәеиҭеит Аԥсны уаанӡа дшымаацыз, аԥшӡара дшыхнахыз.

"Ҳара уаанӡагьы аӡбахә ҳаҳахьан шәысасдкылашьа. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳусеицура аҿиара шаиуа", — иҳәеит Плугатарь.

Иара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ҟрымтәи аделегациа Аԥсныҟа ишааргаз Аҟәатәи аботаникатә баҳча аколлекциа еихазҳаша, зхыԥхьаӡара маҷу аҵиаақәа рыхкқәа.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Ҟрыми Севостополи ҩ-ганктәи русеицура мҩаԥгахалоит ақыҭанхамҩеи, абнанхамҩеи, абиологиеи, амедицинеи, аекологиеи, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи русхкқәа рҟны.