"Нарҭ" 2018 шықәсазы ашьапылампыл асраз иреиӷьу командоуп

Аԥсны ачемпионат атурқәа 10 реихшьаалақәа рыла аҟәатәи "Нарҭ" 27 кәатала аманы егьырҭ акомандақәа ираԥнагеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11– Sputnik. XXV ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат атурқәа 10 реихшьаалақәа рыла аҟәатәи "Нарҭ" 27 кәатала аманы егьырҭ акомандақәа ираԥнагеит. Астадион "Динамо" аҿы "Нарҭи" "Гагреи" реицыхәмарра 3:1 ҳәа ихыркәшахеит.

Лаша Коӷониа иҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Абри ахәмарра аламҭалаз "Гагра" 19 кәатала аман, "Нарҭ" уи хә-кәаталак рыла иаԥнагон. Алҵшәақәа еихнашьалеит аҵыхәтәантәи ахәмарра.

"Ҳара иаадыруан абри ахәмарра аиааира ҳзаанагар шалшоз. Иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит", — иҳәеит "Нарҭ" ахәмарыҩ Лаша Коӷониа.

XXV ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәын акомандақәа быжьба: аҟәатәиқәа "Нарҭи" "Динамои", гәдоуҭатәи "Риҵа", афонтәи "Афон", очамчыратәи "Ерцахә", галтәи "Самырзаҟан", гагратәи "Гагра".