Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика азханаҵеижьҭеи 100 шықәса ҵуеит

1918 шықәса лаҵара 11 рзы Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика азханаҵеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Ашьхаруа Республика шьақәгылеит 1917 шықәса абҵарамзазы, Урыстәыла Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь.

"Акоммунист режим иақәшаҳаҭымхаз атәылақәа рхатә ҳәынҭқаррақәа еиҿыркаауа иалагеит. Ашьхаруа Республика еиҿкаан, аха азхаҵара амамызт. 1918 шықәса лаҵара 11 рзы Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика азханаҵеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Сослан Салаҟаиа.

Сослан Салаҟаиа Sputnik еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Ареспублика аилазаарахь иҟан: Аԥсны, Даӷьсҭан, Чечниа, Ҟабарда, Черқьесиа уҳәа Кавказтәи ареспубликақәа.

"Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан ари аилак иалахәымызт. Дара рхатәы еиҿкаара рыман", — иҳәоит аҵарауаҩ.

1918 шықәса лаҵара 11 рзы Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика азханаҵеит.

"Иуҳәар ауеит Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика ахьазханаҵаз аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара азхаҵара иашьашәалан иахәаԥштәуп ҳәа. Аԥсны Ашьхаруа Республика иахәҭакын, аха уи аиҿкаашьала аиҳарак изеиԥшыз Аконфедерациа акәын", — иҳәеит Салаҟаиа.

Ҭырқәтәыла официалла Ашьхаруа Республика шазханаҵазгьы иара акраамҭа изымнеиит. Нхыҵ Кавказ зымҽхазкыз аграждантә еибашьра ажәларқәа "аҟаԥшьқәа" "ашкәакәақәа" ҳәа еихнашеит.

1920 шықәсазы абольшевикцәа Ашьхаруа Республика аҵакыра зегьы рнапахьы иааргеит. 1921 шықәса рзы Асовет мчы шьақәгылеит Аԥсынгьы.