Агәмаа: аԥсҭазааратә ԥышәа змоу аӡбаҩ игхақәа иаҳа имаҷхоит
© Sputnik
"Ҳконституциа 1925-тәи, 1927-тәи, 1935-тәи ашықәсқәа рзтәи иарбаӡам аӡбаҩ иқәра. Раԥхьаӡа аԥҟара хәышықәса далырхуеит ҳәа ицәырҵит 1927-шықәсазтәи Аконституциаҟны. 1978 шықәсазтәи аҟынгьы ианын хәышықәса ҳәа. 1994 шықәсазы иҳадаҳкылаз азакәан хадаҟны ианын аӡбаҩ далырхуеит ҽҳәара амаӡамкәа ҳәа.
2005 шықәсазы иҟаҵаз аиҭакрақәа инарықәыршәаны аӡбаҩ 65 шықәса ихыҵзар иусура аанижьыр акәын. Иахьазы, ӡбаҩыс аус иур ҟалоит ауаҩы иқәра 70 шықәса рҟынӡа инаӡаанӡа. Сара сгәаанагарала ииашаны иҟарҵеит ақалақьтә, араионтә, иреиҳаӡоу, аконституциатә ӡбарҭақәа рахь аӡбаҩцәа рықәра ахьышьҭырхыз. Ауаҩы аԥсҭазаара ҳәыҷык дналаԥшны, икәша-мыкәша иҟоу баны, анаука иаҳәогьы дырны еилагӡаны даныҟала, иаҳа агхақәа маҷны иоуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Агәмаа.