Ҳараниа: Аԥсны ахада еиԥш аӡбаҩцәагьы ирдыруазароуп аԥсшәа
© Sputnik
"Атәыла ахада ихаҭа аԥсуа бызшәа идыруазар шахәҭоу еиԥш, аӡбаҩгьы, хымԥада, идыруазароуп. Сара имҩаԥызгахьеит хԥа-ԥшьба процесс аԥсышәала аӡбаҩс аус анызуаз. Схаҭа иџьасшьеит шаҟа иманшәаланы ицоз. Ари азҵаараҿы азакәан еилагара ҳәа акәым, идырны аӡәгьы еилеигаӡом, азакәан анамгӡара аҭыԥ амоуп. Исгәалашәом иарбан шықәсоу, азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы русура аԥсшәахь еиҭагатәуп ҳәа азакәан рыдыркылт. Аха уи анагӡаразы изакәызаалак акала ишьақәырӷәӷәамызт. Хымԥада, аԥхьа иаҭахуп анаукатә база. Аӡбаҩ, аусеилыргаҩ, апрокурор, дарбанзаалакгьы аԥсышәала аус мҩаԥызгар ӡҭаххо, дызхыԥшыло ак имазароуп, хымԥада. Ҳара иахьа акызаҵәык иҟаҳҵахьоу аиуристтә бызшәа ажәар шьақәҳаргылеит, акык-ҩбак азакәанеидкылақәа", — иҳәеит Ҳараниа.