Арадио

Шьынқәба: сҩымҭақәа сыжәлар ирҭахымхар, ижәблы ҳәа иҳәалон саб

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 101 шықәса аҵразы Sputnik Аԥсны аефир аҟны иаб идҳәалоу игәалашәарақәа ртәы дырзааҭгылеит Бенур Шьынқәба.
Sputnik
Шьынқәба: сҩымҭақәа сыжәлар ирҭахымхар, ижәблы ҳәа сеиҳәеит саб

"Исгәалашәоит саныхәаҷыз ажәеинраалақәа дансызрыԥхьоз. Амца агәгәаҳәа еиқәуп амаҵурҭаҟны. Иара уа дтәоуп. Сара иҿаԥхьа сгылоуп, атәара ҟалозма. Ажәеинраала даԥхьан даналгоз ус иҳәон: "уахәаԥши абри амца. Абри ахаангьы имыцәароуп, ицәар, са сзы адунеи аҿы еицәоу акгьы ҟалом". Абас иҳәалон еснагь. Аԥсуаа рзы ахәышҭаарамца акырӡа аҵанакуеит. Сара снаҩс, имаҭацәа ааганы иреиҳәон амца шәмырцәан ҳәа. Амҳаџьырра аан сабду Жьажьа имацара дшаанхазгьы, амца имырцәеит, абри шәхашәмыршҭын ҳәа иҳәалон саб. Зны ус сеиҳәеит: "абри  сроманқәа, сажәеинраалақәа сыжәлар ирҭахымхар, аԥхьара иаҟәыҵыр смилаҭ, саргьы исҭахым,  наҟ ижәблы, икашәыжь!". Абас сеиҳәеит аибашьра ашьҭахь. Аԥсҭазаараҿы аԥсуара зегь раԥхьа иргылон", — ҳәа азгәеиҭеит Бенур Шьынқәба.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>