Арадио

Џьыкырԥҳа: Арӡынба иира амш ныҳәак еиԥш иазгәаҭалатәуп

Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара амузеи афондқәа реиҳабы Гугуца Џьыкырԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит Владислав Арӡынба иеиԥшу афырхаҵа ҩаԥхьа Аԥсны диир, насыԥ дуӡӡахон ҳәа.
Sputnik
Џьыкырԥҳа: Арӡынба иира амш инакәызаалак ныҳәак еиԥш иазгәаҭалатәуп

"Аԥсуа жәлар рҿы уи еиԥш иҟаз афырхаҵа иира насыԥ дуӡӡахоит ҳа ҳзы, хымԥада. Аиаша шәасҳәап, ӷәӷәала сычмазҩахахьеит, аԥҟарақәа схызгахьеит. Убысҟан аӡәызаҵәык Анцәа еиԥш  сзыҳәоз Владислав Григори-иԥа иоуп. Избан ҳәа шәҵаауазар исызҳәом. Иара иира амш аҽныи Аиааира аныҳәеи рзы, ахәшәтәырҭаҟны санышьҭазгьы, илашьцахьазаргьы еснагь саауеит иҳаҭгәын аҟны ашәҭқәа шьҭасҵарц. Избан акәзар иара еиқәирхеит ҳаԥсадгьыл, уи ахә шәашьа ақәӡам. Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр имоуп ацәаҳәақәа "Ахьтәы даҷқәа данрынгыланы, даҳзааишьҭит уи  Анцәа". Ииашацәҟьаны, уи  аамҭазы дмаазҭгьы иҟалоз  Аԥсны аилкаара уадаҩуп. Иахьа Аиааира 25 шықәса зхыҵуа иара ибзоуроуп. Убри инамаданы иира амшгьы ныҳәак еиԥш аҳәынҭқарраҿы иазгәаҭалатәуп", — лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, аҵарауаҩ ду, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи лаҵара 14 рзы 73 шықәса ҵит.