Кәарҷиа "Аӡыхь" иазкны: аноминациақәеи алахәцәеи рхыԥхьаӡара еизҳаит
© Sputnik
"Араионқәа зегьы рхы аладырхәеит аицлабра, иҟоуп ҩба-ԥшьба гәыԥгьы аазышьҭуа. Усҟантәи ашықәсақәа рзы иаҳа аԥыжәара амазҭгьы жәлар рыкәашара, сынтәа аноминациақәа еиҳахеит. Быжьшәҩык рҟынӡа ауаа алахәхоит ҩымш имҩаԥысуа аицлабра. Ԥаса ахәыҷқәа реиҳараҩык ақалақьқәа рҟынтәи иаауазҭгьы, уажәы ақыҭақәа рҿы еиҿкаау агәыԥқәа иаауа иалагеит", — иҳәеит Кәарҷиа.
Ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә еицлабра "Аӡыхь" мҩаԥысуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны лаҵара 16-17 рзы.