Китаитәи альпинист Еверест дхалеит

Зыҩшьапык змам китаитәи альпинист лаҵара 14 рзы Еверест ақәцәахь дхалеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 — Sputnik. 70-шықәса зхыҵуа, зыҩшьапык хҵәоу китаитәи альпинист Сиа Боиуи адунеи аҟны зегь раасҭа иҳараку ашьха ҳәа иԥхьаӡоу Еверест ақәцәахь дхалеит.

Уаанӡа ари аҩыза аӡәгьы илымшацызт. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"70-шықәса зхыҵуа, зыҩшьапык хҵәоу китаитәи альпинист Сиа Боиуи адунеи аҟны зегь раасҭа иҳараку ашьха ҳәа иԥхьаӡоу Еверест ақәцәахь дхалеит лаҵара 14, аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 8.40 рзы. Иара ашьха Непалтәи аганахь ала дхалеит. Уаанӡа еиԥш зеиԥшу уаҩы уи аҩыза ҟаимҵацызт", — ҳәа аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.

Сиа Боиуи ишьапқәа ахҵәара рықәшәеит 1975 шықәса рзы, Еверест ахалара иҽаназишәа ашьҭахь.

Абри ашьҭахьгьы иара 2014, 2015, 2016 шықәсқәа рзгьы ашьха ампыҵахалара иҽазикхьан, аха иқәҿиомызт.

Уаанӡа, зшьапқәа змамкәа Еверест ихалахьаз иакәны дшьан азеландиауаҩ Марк Инглис. Иара ашьха ақәцәахь дхалеит тибеттәи аганахь ала 2006 шықәса рзы.