Анкара Израиль Ацҳаражәҳәаҩ аамҭала атәыла нижьырц идырҵеит

Ҭырқәтәыла Америкеи Израили рҟынтәи ацҳаражәҳәаҩцәа шьҭахьҟа иаанаԥхьеит асектор Газа аҭыԥ зауз ахҭысқәа ирхырҟьаны. Уи адагьы ааԥхьара ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥгазарц. Иара ахаҭа аислам усеицура Аиҿкаара асаммит ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Анкара Израиль Ацҳаражәҳәаҩ аамҭала атәыла нижьырц идырҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Израили аԥсылман тәылақәеи реизыҟазаашьақәа рҽеиҭаркит асектор Газ аҭагылазаашьа иахҟьаны. Аҭагылазаашьа уадаҩхеит ЕАШ Ацҳаражәҳәарҭа Тель-Авивнтәи Иерусалимҟа иахьиаргаз инадҳәаланы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахеит палестинаа 61-ҩык, 2,7 нызқьҩык ахәрақәа роуит.

Палестина апрезидент Махмуд Аббас атәылаҿ хымштәи алахьеиқәҵара рылеиҳәеит.

Ҭырқәтәыла апрезидент Таиип Ердоган Израиль ахымҩаԥгашьа геноцидуп ҳәа ахиҳәааит. Аконсультациақәа рзы Америкеи Израили иҟаз ацҳаражәҳәаҩцәа атәылахь ирыԥхьеит.

Уи адагьы ааԥхьара ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥгазарц. Иара ахаҭа аислам усеицура Аиҿкаара асаммит ҷыда мҩаԥнагоит. Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ахәашаҽны.

Аҩашаҽны имҩаԥысраны иҟоуп ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара.