"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьениа Аккизоваа рцәыргақәҵа иазкны
© Sputnik
"Дара рдунеихәаԥшышьа, рыԥсҭазаара, рааигәара имҩаԥысуа ахҭысқәа, асиужетқәа роуп иаарԥшу русумҭақәа рҿы. Апеизажқәа дара рҿы имаҷуп. Даара аинтерес зҵоу аграфика ыҟоуп. Ҳара ари аҟазара ахырхарҭа аганахьала ҳаԥсыҽуп. Дарбанзаалакгьы ацәыргақәҵахь инеиуа аусумҭақәа еиликаартә иҟоуп. Ԥшшәыла, доуҳала, ԥсабарала аума рҟазара ҳаракуп", — азгәаиҭеит Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.