Двинианин: Аԥсны ажәлар Урыстәылаз ргәы ахьаарту агәахәара ду цәырнагоит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵара 15 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикылеит агәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәа реимдаразы.

Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин дидикылеит

Аԥсны ажәлар Урыстәылаз ргәы ахьаарту агәахәара ду цәырнагоит ҳәа азгәеиҭеит ажурналистцәа дрыҿцәажәо Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин. Иара иазгәеиҭеит 13 шықәса иусура Аԥсны ишадҳәалаз, ареспубликахь изныкымкәа усутә ныҟәарала дшаахьаз.

Ацҳаражәҳәаҩ акраҵанакуаны иԥхьаӡоит ареспублика ауааԥсыра уаҵәтәи амш лаша иахьазыԥшу.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс иҟалаз Алеқсеи Двинианин атәыла Ахада агәра ииргеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин иқәиргылаз адҵақәа рынагӡаразы илшо зегьы шыҟаиҵо.

"Сара сзы ҳаҭыр дууп Аԥсны Ахада агәраргаратә шәҟәы ахьисҭо. Сара сусура 13 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны иадҳәалан. Шәреспублика лымҳаҭасла акәымкәа ибзианы издыруеит. Издыруеит ажәлар" — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

Ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит 2008 шықәса раахыс Ацҳаражәҳәарҭа напхгара азҭоз Семен Григорьев.