Арадио

Габлиа апассаџьыртә транспорт аусура иазкны: азакәан инақәыршәаны имҩақәҵатәуп

Аԥсны атранспорт азы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Робсҭан Габлиа аҳҭнықалақь аҿы амаршруттә транспорт азы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахҳәаа азыҟаиҵеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Габлиа апассаџьыртә транспорт аусура иазкны

"Апассаџьырцәа мҩанызго еснагь ҳрыҿцәажәоит, русураҿы ирымоу агхақәа дыриашартә имҩақәаҳҵоит, апассаџьырцәа ишахәҭоу еиԥш рымаҵ руларц раҳҳәоит. Аха амчра ааҳарԥшыртә еиԥш усҟак алшара ҳамам. Изықәтәоу амашьынақәа дара иаархәоит, иагу ҟарҵоит. Иахьа иҳамоу азакәан излаҳәо ала ауаҩы ашәҟәқәа иманы данааи, аԥассаџьыртә транспорт аԥсҟы скыр сҭахуп ҳәа мап ҳазицәкуам", — азгәеиҭеит Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.