"Хра злоу ахҭысқәа": Гындиа АҶА имҩаԥнагаз атехника арбара иазкны
© Sputnik
"Иҳамоуп лассы-лассы ҳхы иаҳмырхәо, иҷыдоу атехника. Дара зда ԥсыхәа ыҟам ахь иаҵанакуеит. Иуадаҩу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа раан рыда ҳхәарҭам. Иара убас иҳамоуп амаруга ҿыцқәагьы. Урҭ анҳауа, иара аус адызулаша аспециалистцәагьы аҵара иахысуеит. Иахьа атехникала ҳаиқәшәоуп, аҭагылазаашьа бааԥсы анышьақәгыла аамҭазы ажәлар ҳрыцхраартә иҟоуп", — азгәеиҭеит Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.