АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Урыстәыла Аԥыза-министр Дмитри Медведев Владимир Путин иԥылараан атәыла Ахада ииҭеит афедералтә еиҳабыра реилазаараз аусԥҟа апроект. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аиԥылара мҩаԥысит Шәачатәи арезиденциаҿы.
Урыстәыла аиҳабыра реилазаара еиҭакра дук аиуп ҳәа шазыԥхьагәаҭам атәы азгәеиҭеит Урыстәыла Аԥыза-министр Дмитри Медведев.
"Иахьатәи аилазаара аусура шрылшо атәы аадырԥшит абарҭ ашықәсқәа рзы. Иара убри аан анагӡаратә мчра аорганқәа рсистемаҿы аоптимизациа иазырхо аҭагылазаашьақәа аҭыԥ рымоуп", — иҳәеит иара.
Владимир Путин атәыла Ахадас иҟалара ашьҭахь, лаҵарамза 7 рзы атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит.