Амаршруттә машьынақәа рныҟәцаҩцәа рықәгылара атакси аусура ишаныԥшыз

Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруттә машьынақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи амаршруттә машьынақәа рныҟәцаҩцәа рықәгылара хацдыркит лаҵара 16 рзы. Ақалақьуаа атроллеибусқәеи, автобусқәеи, атаксиқәеи рыла еиҭанеиааиуеит.

Амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵит

Аԥснытәи атакси афирмақәа руак адиспетчер иаҳзеиҭалҳәеит амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа аусура рҭымҵра дара ишырнырыз атәы.

"Анырра ӷәӷәа ҳнаҭеит. Амашьынақәа ҳазхомызт. Аҭел ацәаҳәа акәзар иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауан. Уаанӡеи арҭ амшқәеи еиҿурԥшуазар, ҳусуцәа иааҟәымҵӡакәа аусура иҭыҵуан", — лҳәеит лара.

Аҳҭнықалақь егьырҭ атаксиқәа рофисқәа рҟынгьы аусура еиҳа ицыхцыхын.

Лаҵара 15 рзы аџьармыкьа хадаҟынтәи Араион ҿыц ахь иныҟәо амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа хаԥышәала атариф 15 мааҭ аҟынтәи 20 мааҭ рахь ихаргалеит.

 Мшаԥы 24 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизараҿы абри азҵаара иалацәажәон. Усҟан ишьақәыргылан апроблема ҭызҵааша акомиссиа ҷыда аԥҵазарц. Акомиссиа алахәылацәеи амашьына ныҟәцаҩцәеи реиԥыларагьы лҵшәа амоуит.