Арадио

Џьопуа: амузеи аҭааҩцәа ирымбац амаҭәарқәа рыдаагалоит

Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа иазгәеиҭеит акциа "Аҵх амузеи аҟны" иаҭаауа ирбар шрылшо еиуеиԥшым Аԥсны абеиарақәа аазырԥшуа хәы змоу ахаҳәқәа.
Sputnik
Џьопуа: амузеи аҭааҩцәа ирымбац амаҭәарқәа рыдаагалоит

"Аԥсабара аҟәша афонд аҟынтәи уаанӡа уаҩ иимбац агеологиатә, ахаҳәтә маҭәахәы ҳәа изышьҭоу, Аԥсны абеиара аазырԥшуа еиуеиԥшым ахаҳә хкқәа цәыргахоит. Урҭ зегьы закәу  инеиуа ибзианы ирзеиҭаҳәахоит", — иҳәеит Џьопуа.

Иара убас Џьопуа иажәақәа рыла ҳаамҭазтәи аҟәша акыр азҿлымҳара зуҭаша амаҭәарқәа цәырнагоит. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа  амузеи ҳамҭас иалҭаз "Ахьтәы сабрада". Уи апремиа Аԥсныи Урыстәылеи Жәлар рартистка иланашьан аспектакль "Медеиа" аҟны иналыгӡаз ароль азы.

Амузеиқәа Жәларбжьаратәи  рымш лаҵара 18 рзы аҳҭнықалақь амузеиқәа рҟны имҩаԥгахоит акциа "Аҵх амузеи аҟны". 

Амузеиқәа ахәылбыҽха асааҭ 5 инаркны 12-нӡа аҭааҩцәа рзы хәыда-ԥсада аус рулоит.