Аԥсни Донбасси аекономикатә усеицура аинтерес рымоуп

Аԥснытәи аделегациа аҽаланархәит Донецктәи Жәлар рреспублика аԥҵоижьҭеи ԥшьышықәса аҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18– Sputnik. Донецкҟа рныҟәара далацәажәо Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иҳәеит Аԥсни Донбасси аекономикатә усеицура аинтерес рымоуп ҳәа.

"Лаҵара 9 — 12 рзы Аԥснытәи аделегациа аҽаланархәит Донецктәи Жәлар рреспублика аԥҵоижьҭеи ԥшьышықәса аҵра иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа. Донецк ҳара оумашәа иаабеит азауадқәеи афабрикақәеи рырацәара, амал зманы иҟоу ауаа рыҟазаара. Аибашьра аҭыԥ шамоугьы ааглыхра зегьы аус ауеит. Раалыҵ Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, егьырҭ атәылақәа рахь ирышьҭуеит. Убри азы дареи ҳареи аусеицура аинтерес ҳаманы ҳаҟоуп", — иҳәеит иара.

Лугански Донецки рҟынтәи ирацәаҩуп Аԥсныҟа иааны аԥсшьара зҭаху. Алогистика ҳзеиҿкаар, атуристцәа рхыԥхьаӡаразы ҳҵәыуо ҳҟаломызт, ҳәа ацыиҵеит Габниа.

Аԥснытәи аделегациа аҽаланархәит Донецктәи Жәлар республика аԥҵоижьҭеи ԥшьышықәса аҵра иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа.