Арадио

Дамениа: ақырҭқәа рхы ҿырхырц, аара рыдырҵеит Аԥсны аиҳабыра

Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, 130-ҩык аԥсуаа рышәҟәы авторцәа иреиуоу Олег Дамениа Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит 40 шықәса раԥхьа Аҟәа имҩаԥысыз ақәгыларатә митинг.
Sputnik
Дамениа: ақырҭқәа рхы ҿырхырц, аара рыдырҵеит Аԥсны аиҳабыра

Лаҵара 18, 1978 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Қырҭәтәылатәи СССР алҵра азҵаара ахьықәыргылаз аԥсуа жәлар рмитинг. 1977 шықәса анҵәамҭазы СССР Иреиҳаӡоу ахеилак ашҟа аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа 130-ҩык рышәҟәы шьҭын. Уаҟа иазгәаҭан аԥсуа жәлар рзинқәа реилагара атәы. Қырҭтәыла ацентртә комитет аҟны ашәҟәы авторцәа ахьырхәтәуп, уи зыҩҩыз акоммунистцәа апартиа иалцатәуп рҳәеит. Ақәгыларатә митингқәа мҩаԥысит иара убас Тҟәарчал, Гагра, ақыҭақәа Лыхны, Ԥақәашь, Бзыԥ.

"Ҳаанкыланы ҳҭакрахьы аус цон. Ус иалагеит азныказы, аха рацәак хара ирызнамгеит. Ажәлар анадгыла ашәҟәы, аиҳабыра хьаҵыр акәхеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рхы ҿырхырц, хаҭала Шеварнаӡе, аара рыдиҵеит Аԥсны аиҳабыра", — иҳәеит Дамениа.