Џьыкырԥҳа: ҳџьынџьуаа рырхынҳәра хықәкылатәи апрограмма ацхраароуп
© Sputnik
"Аминистрра аҟаҵара еиҳараӡак ргәы шьҭнахит ҳџьынџьуаа. Уи амҩақәа иаҳа иарҭбаауазароуп. Аминистр Дбар иҳалиҳәеит инеиҵыху иалкаау программак аус шадулахо. Иарбатәуп шаҟаҩ ҳархынҳәо, урҭ рымҩақәҵара. Амҩа ҭбаа ҳанылароуп. Сгәаанагарала ахеилак аҟны иҟоу рымчи рылшеи рыпрограммеи, хықәкылатәи аусуреи ҟалароуп. Шәҩык ҳҟаларгьы иаанагаӡом уи иахәоит ҳәа. Ҳара шықәсылатәи ахыдҵа ҳамазароуп. Иаҳҳәап, 50-ҭӡы шықәсык иааҳгароуп ҳәа ҳхы иадаҳҵароуп. Урҭ рынхара, рынҵыра, зегь раԥхьа иргыланы абызшәа азҵаара ҳахәаԥшроуп", — лҳәеит Џьыкырԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.