Арадио

Дасаниа: Адунеизегьтәи ачеркес жәлар еидызкыло афонд аԥҵара сыгәҭакуп

Аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Давид Дасаниа иааигоу Мрагыларатәи атәылақәа рҿы иҟоу аԥсуа-адыга диаспорақәа ирызку апроект ахықәкы атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik
Дасаниа: адунеизегьтәи ачеркес жәлар еидызкыло афонд аԥҵара сыгәҭакуп

"Амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа еиҳарак Ҭырқәтәыла иҟоуп, аха Иорданиа, Леван, Мсыртәыла, Ливиа, Тунис инхоугьы ыҟоуп. Ҳара еиҳарак иҭҵааны иҳамоу, иара уигьы уарла-шәарла, Ҭырқәтәыла ауп. Исыӡбеит, аԥсуа-адыга диаспорақәа ирызку, проектк аҳасабала  иҭҵааны, авидео, афото, аматериалқәа рыла ишьақәырӷәӷәыны архив аиқәыршәара, уи анаҩс асоцилтә ҳақәа рахь рынашьҭраз. Исҭахуп еиҿыскаарц аԥсуа-ашәуа жәлар зегьы ирзеиԥшу афонд, Адунеизегьтәи ачеркес жәлар рфонд аԥҵара", — ҳәа азгәеиҭеит Дасаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.