Дбар: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ажәларқәа рацәоуп
© Sputnik
"Ари аҭоурых адаҟьа аԥсуаа зегьы ирдыруазароуп иаҳзаанагаз арыцҳара. Аԥсуа-абаза, егьырҭ ашьхарыуа жәларқәа рзы ари зегьы реиҳа еиқәаҵәоу даҟьоуп. Кавказтәи аибашьра иахәлабгаз ажәларқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Иахьа ишәа-иза ҳҭоурых ахь ҳхьамԥшыр, уаҵәы ҳзықәшәо аилкаара уадаҩхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Гәдоуҭа иаадыртыз абаҟа, аӷба аформа амоуп. Иара Аԥсныҟа амҳаџьырцәа рыхгаразы иааиз раԥхьатәи аӷба символра ауеит, хьӡысгьы иамоуп "Маҳмуди". Апроект авторс дамоуп архитектор Игор Смыр.