Арадио

Чачхалиаԥҳа: Аиааира амш араион ақыҭақәа рҟынгьы инарҭбаан иазгәаҭахоит

Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара аиуеижьҭеи жәашыкәса аҵреи, Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы араион аҟны иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.
Sputnik
Чачхалиаԥҳа: Аиааира амш араион ақыҭақәа рҟынгьы инарҭбаан иазгәаҭахоит

"Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара аиура жәашықәса ахыҵразы араион аҟны еиҿкаахоит аҭоурыхҭҵааҩцәа злахәхәо аконференциа. Убасгьы ҳара хыдҵас иҳамоуп ақалакь ахаҿра арԥшӡара. Тҟәарчал игылоу абаҟақәа, Аԥсны зхы ақәызҵаз анышә иахьамадоу апарк аламҵакәа ааба ыҟоуп, урҭ абжьааԥынгьы ҳархылаԥшуеит, аха уажәы иаҳагьы игәцараҳкуеит, аҿар неины идрыцқьартә ҳацклаԥшлоит. Апарк аҟны акәзар аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп, ҳбиуџьет ала ҳамч ахьақәымхо атәыла анапхгарахь ашәҟәы ҳашьҭит. Ҳара иазԥхьаӷәаҭаны иҳамоуп ақалақь аҿы мацара акәымкәа ақыҭақәа рҿгьы  аныҳәатә уснагӡатәқәа реиҿкаара. Ус еиԥш аныҳәа еиҿкаахоит цәыббрамзазы Бедиа Ду ҳәа изышьҭоу ақыҭаҟны. Аҟәарчаԥан ақыҭан иаартхоит иҭахаз рыхьӡала абаҟа. Аиааира амшныҳәа Тҟәарчал инарҭбааны иазгәаҭахоит амза 28 рзы", — ҳәа аалыцҳаит Чачхалиаԥҳа.