Арадио

Корсаиаԥҳа: актриса ду лышәҟәаҟны акгьы "ауанҭа ахьшьӡам"

Ашәҟәы "Актриса лмонолог" автор, аҟазараҭҵааҩ Светлана Корсаииаԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит хықәкыс ишлымаз Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа акыр ибеиоу лыҩныҵҟатәи адунеи аарԥшра, илҿахәҳәагоу ашәҟәы аҭыжьра.
Sputnik
Корсаиаԥҳа: актриса ду лышәҟәаҟны акгьы "ауанҭа ахьшьӡам"

"Сара исҭахын иаадыруа ауаҩы ирҿиаратә ԥсҭазаара алацәажәара акәымкәа, лара актриса лҿахәы лырҳәара. Актиорцәа рзанааҭ инақәыршәаны рҿахәы даҽа џьоук рыԥсҭазаара ааарԥшралоуп ишырҳәо. Сара аинтерес сыман лара актриса акырӡа ибеиоу лыҩныҵҟатәи адунеи аарԥшны аԥхьаҩ ирбара. Ари ашәҟәы иахьӡоуҵар ҟалоит "х-хәылԥазык Виолетта   Маанԥҳаи сареи". Ас еиԥш иҟоу ашәҟәы аҭыжьра акыр аамҭа ҵон сгәы иҭеижьҭеи, аформагьы сыԥшаауан. Сара исҭахын абри гәаартыла, иҿахәҳәагоу шәҟәны, актриса илҭаху илҭахыму, бзиа илбо илцәымӷоу, лыԥсҭазаараҿы дзыниаз, дшактрисахаз аазырԥшуа акәны иҟаларц. Лгәаҿы иҟоу акгьы мҵәахыкәа аарԥшра ахьлылшаз  зегь  реиҳа иҳалшаз усуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари ашәҟәы аҟны акгьы ауанҭа ахьшьӡам, ирԥшӡаӡам, иҟоу шыҟацәҟьоу  иаарԥшуп. Виолетта Маанԥҳа леиԥш иҟоу,  ихәыцуа аинтеллектуалтә актрисацәа,  актиорцәа шаҟа ирацәаны атеатр ахь инанаго, убриаҟара атеатр аҩаӡара ҳаракхоит", — ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

Ашәҟәы "Актриса лмонолог" аӡыргара мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә  драматә театр аҟны лаҵара 22 рзы.