"Лаҵара 23 рзы есышықәса Афон сымнеикәа иҟалом, ацқьа иҳаԥаҟны ҳнеины ашәҟәы ҳаԥхьоит акафист (аҽхәаԥхьыӡтә шәаҳәара — аред.) Ашәҟәы ишаныз акәымкәа раԥхьа сан ишылҳәоз "Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, Анцәа унапы ҳануп, ҳарманшәал" ҳәа Ҳазшаз сиҳәон. Анаҩс адин ныҟәызго, аԥҟара здыруа рҟынтә иаҳа еилыскаауа салагеит.
Зегьы Анцәа ҳаишет, иара ҳиыҳәоит. Иара изку амш азы ишапу еиԥш ҳацныҟәароуп хәыҷи-дуи. Ҳара зықәра ыҟоу ҳхәыҷқәа ҳмоҭацәа ари даҳмырбар, агәыбылра раҳамҭар, ҳаԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара шԥаҟалои? Ауаа ргәыӷрақәа зегьы лассы илабҿабахар рҭахуп. Ирласны акгьы ҟалаӡом, ауаҩы изнеишьа ауп зегь зыдҳәалоу. Ауаҩы игәы ҿкааны Ҳазшаз даниҳәа, аҭак имаҳар ҟалом. Срыҳәоит ҳауаажәлар зегьы ауахәамаҿы аныҳәарақәа рхы рыладырхәларц. Ҳаибабашьа аҽакала иҟалоит, агәыбылра ацлоит", — лҳәеит Коӷониаԥҳа.