Арадио

Ломиаԥҳа: аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз мап ацәктәуп ҳәа адҵа ҳаур- ҳадгылоит

Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор Нонна Ломиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколаҿ аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз амҩаԥгара шазгәаҭоу.
Sputnik
Ломиаԥҳа аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз иазкны

"Изеицәааӡарызеи, жәеиза класс иалгаз, аԥышәарақәа азҭаз аушьҭымҭацәа аҵыхәтәаны, ирҭахәуп рҩызцәеи дареи иаадтәаларц, иԥшӡаны рҽеиларҳәарц. Усҟан арҵаҩцәагьы ааԥхьара рырҭоит. Аха, убри зегьы ашкол иаӡбеит, ахара иара иадуп ҳәа аҳәара ииашам. Аҭаацәа еицлабны ирылшогьы ирылымшогьы ҟарҵоит. Шьоукы ирылшозаргьы егьырҭ амаԥхашьаны иақәшаҳаҭхоит. Аҭаацәа срацәажәоит, ирасҳәоит, шәывыраҿы итәоу илшарақәагьы гәашәҭ ҳәа. Ҳашкол аушьҭымҭацәа иахымарҟьаӡакәа рыхәылԥаз апрограмма ацны имҩаԥыргар рҭахәуп, уи мап ацәктәуп ҳәа аҵара министрра аҟнытә адҵа ҳаур, ҳаргьы ҳадгылоит. Аха макьана ус еиԥш ыҟам", — ҳәа азгәалҭеит Ломиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.