Дбар: аҷандар пты Аԥсназы ишәарҭам
© Sputnik
"Амармалташьтә пты анырҵәаразы Шәача апаркқәа рҿы рхы иадырхәоз ахәшәқәа аҷандар пты зфоз ашьит, уи ауп асҟак аҿиарагьы заиуз. Иарбанзаалакгьы ахәшәтәрақәа хшыҩзышьҭра аҭаны имҩаԥгалатәуп. Аԥсны аҷандар ҵлақәа ахьызҳауа ақалақьтә баҳчақәа рҿы ауп, уаҟа ахәшәтәрақәа мҩаԥгамызт. Аҷандар пты ҳтәылаҿы иҿиап ҳәа макьана ашәарҭара ыҟам", — иҳәеит Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.