Арадио

Лашәриа: Мушьни Миқаа иҩымҭақәа ажәуам

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит, зыԥсҭазаара иалҵыз апоет, Мушьни Миқаа, ирҿиаратә мҩаҿы иҭҵаатәу шырацәоу.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Лашәриа Мушьни Миқаа изкны

"Ароман "Ахҟа" иҩуп ибеиоу исахьарку, ажәлар ирыҿгоу бызшәала. Мушьни Миқаа иҩымҭақәа еиҭаганы аурыс ԥхьаҩ иҟынӡа инагазар, дызлиааз дзааӡаз иԥсадгьыл уаҩы ибартә иҟалон. Аԥсуа литературатә наука ду аҟны макьана иахьынӡахәҭоу ироманқәеи, иԥсҭазааратә мҩеи иазааҭгылам. Уи ҳаԥхьа ишьҭоу усуп. Мушьни Миқаа иҩымҭақәа иажәуа иҟам", — азгәеиҭеит Лашәриа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.