Еилаӡҩон аччаԥшьи алаӷырӡи: игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Sputnik

2018 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1889-ҩык аушьҭымҭацәа. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол № 10 аҟны традициала аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагеит аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхрала. Ашкол адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало ирзеиӷьалшьеит  ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Александр Пушкин ихьӡ зху ашкол № 2 аҟынгьы  ашҭа иҭыҩуан амузыка, ашәақәа, еилаӡҩон аччаԥшьи алаӷырӡи. Игон аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ажәҩан иалалон еиуеиԥшым аԥшшәхәқәа змоу анкьапышҭарчқәа.

1 / 7
Аԥснытәи ашколқәа 156 рҟны игеит аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
2 / 7
2018 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1889-ҩык аушьҭымҭацәа
3 / 7
Ашҭа иҭыҩуан амузыка, ашәақәа, еилаӡҩон аччаԥшьи алаӷырӡи.
4 / 7
Аныҳәа афырхацәа хадацәа, аушьҭымҭацәа ажәеинраалақәа ирыԥхьон, инарыгӡон амилаҭтә ашәақәа, акәашарақәа.
5 / 7
Игон аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ажәҩан иалалон еиуеиԥшым аԥшшәхәқәа змоу анкьапышҭарчқәа.
6 / 7
Александр Пушкин ихьӡ зху ашкол № 2 аҟынгьы  ашҭа иҭыҩуан амузыка, ашәақәа, еилаӡҩон аччаԥшьи алаӷырӡи.
7 / 7
Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол № 10 аҟны традициала аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагеит аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхрала.