"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Циза Гәымба ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа изкны
© Sputnik
"Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирыԥхьалакгьы, иара ииҳәарц ииҭахыз еилыркаауеит. Икалам иҵыихыз зегьы аԥсуа цәа рыҟәнуп, иџьашьатәуп уи егьырҭ ажәларқәа иахьеилыркаауа. Даур иҩымҭақәа ҿыц ирыԥхьо аҿар, дареи сареи ҳаицәажәараҿы иазгәарҭоит, ианаԥхьалак ашьҭахь, еиҭазыхынҳәырц шырҭаху. Знык иаԥхьаз даунашьҭӡом, убри ҷыдара хаданы иалыскаауеит", — азгәалҭеит Гәымԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.