"Хра злоу ахҭысқәа": Цкуа "Ацқьара амш" иазкны
© Sputnik
"Зегьы иаҳтахуп ҳақалақьқәа цқьазарц, уи ҳгәы иаахәоит, аха ус еиԥш иҟам. Доусы аџьабаа ибаны, иааигәа иҟоу аҭыпқәа ирыцқьар, анаҩс уи ацкьара аиқәырхара иаҳа дацклаԥшлоит. Ақыҭақәа рҿы, иара ақалақьқәа рҿы, исгәалашәоит, еизаны ргәарбжьарақәа дрыцқьон. Уажәтәи арыцқьара амш зегьы рзы иҿырԥшыгахарц сҭахуп. Доусы ахеилакқәа аусбарҭақәа ирыдырҵаз аҭыԥқәа анаҩсгьы хылаԥшра рырҭалап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Цкуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.