Арадио

Габлиа: ауаа мҩанызго русура азнеишьа аҽаԥсахроуп

Атранспорт азы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Рабсҭан Габлиа аԥхын аамҭазы аԥсшьаҩцәа рымҩангара азҵаара далацәажәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Sputnik
Габлиа: ауаа мҩанызго русура азнеишьа аҽаԥсахроуп

"Аԥсны иаҭаауа аԥсшьацәа зегьы автотранспорт рхы иадмырхәар ҟалом, убри аҟынтә Ԥсоу аҳәааҿы автомашьынақәа ахьгылоу аиҭакрақәа ҳарҿуп. Амашьынаныҟәцаҩцәа рмашьынақәа амҩабжа  икәымхарц ҳрыԥхьаны ҳрацәажәоит автотранспорттә наплакқәа реиҳабацәа, ус еиԥш ахеилакқәа фба ыҟоуп. Ауаа ныҟәазго ихаҿра аҽаԥсахроуп, ишәҵатәгьы дацклаԥшроуп. Убри амҩа ҳақәлароуп. Ԥсоу автостанциаҟны аҩыра кыдуп қалақьцыԥхьаӡа амҩақьыра ахә шаҟа ыҟоу зҳәо. Аибашьра анеилга ашьҭахь апроблемақәа даҽакын, атранспорт аныҟәцаҩцәа рхы иоужьын уҳәар алшоит. Иахьа аамҭақәа рҽырԥсахит. Атурист имаҵ аушьа ҳҽақәҳаршәароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.