Арадио

Коӷониа ConIFA алахәхаразы: иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп

Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акоманда, Лондон имҩаԥысран иҟоу ConIFA ачемпионат алахәхаразы авизақәа роуит. Акоманда уажәы иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа хаҭала дзыҿцәажәаз еизгоу Аԥснытәи акоманда алахәыла Лаша Коӷониа.
Sputnik

Коӷониа: ConIFA ачемпионат ҳазыхиоуп
"Авизиқәа иҳауа иаҳмоуа аҽазыҟаҵарақәа ҳшырҿыц ҳарҿын, мышкахьы ҩынтә иҳамоуп, апрограмма аҽамԥсахӡеит. Амбахьчаҩцәа хазы иазыҟазҵо дҳамоуп, уи Баграт Ахба иоуп. Акоманда аҩныҵҟа агәалаҟазаара бзиоуп, уахыи- ҽныи ҳаицуп. Зегьы еибадыруа ҳауп, аилибакаара ҳамоуп. Лондонҟа ацаразы ҳаиқәшәоуп", — азгәеиҭеит Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.