"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Маланиаԥҳа амашьынаныҟәцаҩцәа русура иазкны
© Sputnik
"Амашьынаныҟәцаҩцәа иҳадаҳкыло ишахәҭоу еиԥш еилкааны, аԥсҟы шырку гәаҭаны ауп ишҳадаҳкыло. Урҭ аҭакԥхықәра рыдуп, иара убас амашьына аҭагылазаашьа ахылаԥшрагьы. Ҳмашьынақәа ракәзар иахәҭоу зегь рыла еиқәыршәоуп. Амашьынаныҟәцаҩцәа русушьа акыр игәцаракны иҳамоуп, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь иҳашьҭуеит, игәаҳҭоит аус шыруа. Аамҭак рзоуҳажьуеит, аԥышәара ианахыслак иҳадаҳкылоит. Атуристтә аамҭа анааиуа еизганы ҳрацәажәоит, ираҳҳәоит рыԥшра, рышәҵатәы ишацклаԥшыша. Раԥхьа ҳаԥсшьаҩцәа ирԥыло дара роуп, ҳхаҿрагьы дара рыла иубоит", — ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.