Арадио

Ҷаниа: Кьыршьал амаҵурауаа дыргәаԥхомызт, ажәлар рнапы дықәыргылан дныҟәыргон

Аԥсны иазгәарҭоит апоет, асатирик Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи шәышықәса аҵра. Апоет, апрозаик Терент Ҷаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Кьыршьал Чачхалиа ирҿиамҭақәа ирымоу аҷыдарақәеи, иара иԥсҭазаараҿы дзықәныҟәоз аԥҟарақәеи ртәы.
Sputnik

Ҷаниа Кьыршьал Чачхалиа изкны: амаҵурауаа дыргәаԥхомызт, ажәлар-рнапы дықәыргылан дныҟәыргон
"Кьыршьал амаҵурауаа дыргәаԥхомызт, ажәлар рнапы дықәыргылан дныҟәыргон. Уи еснагь ус иҟан ачиновники аамҭеи ирымоу агхақәа ануҳәо, дара иргәапхаӡом, уи азы иуҿагылоит. Кьыршьал иаахжәаны ацәажәара бзиа ибон, иара иҳәалон — "ахаҵа данхаҵаха, аԥа димазароуп, аҵла еиҭеиҳароуп, аӡыхь ыҵыихыроуп" ҳәа. Абарҭ иажәақәа срызхәыцуа саналагалак, схәы-сжьы қақаӡа игылоит. Кьыршьал иҷкәын Валери Чачхалиа "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, Денис иакәзар, дпоетуп, деиҭагаҩуп, дуаажәаларратә усзуҩуп, дҭоурыхҭҵааҩуп. Уи акыр илшеит Кьыршьал иҭынха аиқәырхаразы. Кьыршьал иара иажәақәа идукылар алшоит, уи ахаҵа диааӡеит, аӡыхьгьы ыҵыихит, аҵлагьы еиҭеиҳаит", — азгәаиҭеит Ҷаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.