"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Жьиԥҳа Ҭырқәтәыла иҟалҵаз алкаақәа ртәы
© Sputnik
"Зегь раԥхьа иргыланы иалскаарц исҭаху, иахьанӡа Ҭырқәтәыла еиқәырханы иҟоуп аԥсуаа ажәытә иҳамаз ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа. Сыжәлантә иҿы сасра сыҟан. Уи 108 шықәса зхыҵуа Лиутфи Ажьиба иоуп. Иҷкәын 70 ихыҵуеит. Иԥшәма ԥҳәыси иареи еицны иаб иаԥхьа ицәырҵуам. Иџьасшьеит даара. Ақыҭақәа рҿы рынхашьа атәы уҳәозар, Аԥсны сыҟоушәа схы збон. Аиҳабыра уаҟа аҭырқәцәа ирарҳәалозаап аԥсуа қыҭақәа шәырҿыԥшны шәынхара еиҿышәкаа ҳәа. Иџьоушьаратәы иԥшӡоуп рашҭақәа", — лҳәеит Жьиԥҳа.