Арадио

Царгәыш: Анатоли Ҳагба изынамыгӡоз жәлар рашәа ыҟам

Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Царгәыш арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит Анатоли Ҳагба еиԥш ашәа зҳәоз шмаҷу.
Sputnik
Царгуш: Анатоли Ҳагба изынамыгӡоз жәлар рашәа ыҟам

Аԥсны Жәлар рартист Анатоли Ҳагба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. Ашәаҳәаҩ игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит Гәдоуҭа.

Инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

"Толик уамашәа дубаратәы абжьы ԥшӡа ихан. Ҳкомпозитор ду Ражьден Гәымба даниба, Аҟәаҟа дааигеит, усҟан аабатәи акласс аҿы дтәан. Саргьы ҩбаҟа шықәса рышьҭахь, Аҟәаҟа сааит, амузикатә ҵараиурҭа сҭалеит, уи саналга ахор ашҟа срышьҭит, Москваҟа ацара сҽазкны сшыҟаз. Усҟан Анатоли Ҳагба жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҟны ашәа иҳәон. Аӡәы "Ачара ашәа" иҳәоит, даҽаӡәы "Ахацәа рашәа", дыҟоуп "Ажәеиԥшьаа рашәа", мамзар "Аҽагакцәа рашәа" зҳәо. Толик изымҳәоз ашәа ыҟаӡамызт, уи инаидукылалак зегь зҳәоз иакәын. Раԥхьа иара дагьыкәашон, аха нас акәашара даҟәыхны ашәаҳәарахь диаргеит, избанзар иара иеиԥш ашәа зҳәоз дыҟаӡамызт. Ажәлар рашәақәа зегьы иҳәон. Иаб данԥсы, иҩны қьаԥҭажәхо ианыҟала, Аҷандараҟа дцеит, аха мчыбжьык ахь знык-ҩынтә Гәдоуҭа Акультура Ахан аҟны ашәа иҳәон", — иҳәеит Уасил Царгәыш.