Арадио

Дамениа: Аԥсны азхаҵарала Шьамтәыла асуверенитет шьақәнарӷәӷәеит

Аԥсныи Шьамтәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара, ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра арабтәи ареспублика иахьазханаҵаз ахҳәаа азыҟаиҵеит Sputnik аефир аҟны Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа.
Sputnik
Дамениа: Аԥсны азхаҵарала Шьамтәыла асуверенитет шьақәнарӷәӷәеит

"Аполитикаҟны иҟаӡам ус еиԥш ахҭыс ганкы мацарала ахәшьара ауҭартә. Шьаҿа цыԥхьаӡа иҟоуҵо иацуп ашәарҭарагьы, аперспективагьы. Убас иҟоуп Шьамтәылазы ирыдыркылаз аӡбамҭа. Шьамтәылеи ҳареи ҭоурыхла культурала ҳаизааигәоуп. Ажәытә аиҭанаиааира бзиа ыҟан. Иахьа адунеитә-геополитикатә аҭагылазаашьа лассы-ласс аҽаԥсахуеит. Убас иҟалар алшоит Ирангьы ҳазхеиҵар, аха уи ҳара дҳацәнымхо акәым, иара изгьы џьара ҵакык аманы. Иахьа Шьамтәыла иҟарҵаз Аԥсны азхаҵара иаанарԥшуеит дара рхатәы суверенитет шрымоу", — ҳәа азгәеиҭеит Дамениа