Кәарҷиа Шьамтәыла Аԥсны ахьазханаҵаз: аҳәынҭқарра аргылараҟны шьаҿак ҟаҵоуп
© Sputnik
"Иахьа ԥхьаҟа шьаҿак ҟаҵоуп ҳҳәынҭқарра ашьапы иқәгыларц. Ари ахала иҟамлеит, изыбзоуроу Шьатәылатәи арабтә республика ауп, уаҟа инхо ҳдиаспорагьы рыхәҭа алоуп, Урыстәыла аҳәынҭқарра алахәымкәа ари азҵаара аӡбара уадаҩхон, Аԥсны аиҳабыра, ҳадәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит арабтәи аҳәынҭқарра ду. Агәра ганы сыҟоуп иҵегьы ҳзықәӷәыӷуа ахҭысқәа шыҟало", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.