"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Жьиба арратә ҵариурҭа аҭалара иазкны
© Sputnik
"Раԥхьа инаргыланы аҵараиурҭахь инеиуа игәабзиара ҳацклаԥшуеит. Уи анаҩс арԥарцәа ирҭииуеит аԥышәарақәа – абҩарҵәыра, Аԥсны аҭоурыхыи, аԥсуеи аурыси бызшәақәа рзы адиктант. Ԥшьышықәса аҵара ҵаны, ҳҵараиурҭа иалгаз ирыхҵахоит раԥхьатәи аофицертә хьӡы, ишалгаз ала аҳәынҭқарратә наӡара змоу адиплом рыҭахоит. Урҭ рахьынтә, Аԥсны иҳамоу архәҭақәа хазырҭәааша алаҳкаауеит", — иҳәеит Жьиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.