Арадио

Адлеиԥҳа: аԥхынтәи алагерь аҿы ахәыҷқәа бзиа ирбо рнапы алакызаауеит

Алашарбага аҳаблаҿ еиҿкаау аԥхынтәи алагерь ахь ҩымз ирылагӡаны инеирц рылшоит 400-ҩык ахәыҷқәа. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҵара усбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.
Sputnik
Адлеиԥҳа: аԥхынтәи алагерь аҿы ахәыҷқәа бзиа ирбо рнапы алакызаауеит

"Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыԥсы ршьароуп, ара аҵара дырҵара акәым хықәкыс иҳамоу.  Дара рнапы зларкырц ирҭаху аҟәшақәа рыла аус аауеит.  Аспортә еицлабрақәа, ахәмаррақәа, амшын ҭалара, асахьаҭыхра, аӡахра, ақәҵара уҳәа ирацәоуп ахәыҷқәа ргәы иаахәарцаз алагерь аҩныҵҟа еиҿкаау. Алагерь иахыԥхьаӡалахар алшоит ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа рҟнытә еиԥш, аус зуа аҭаацәарақәа рхәыҷкәагьы. Зынӡа, аԥхын иалагӡаны 400 ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа алагерь ахь инеирц алшара ыҟоуп", — азгәалҭеит Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.