Арадио

"Агәалашәара амҩала": Ԥанганаа рхәы аҭарцәра иазкны

Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Sputnik
"Агәалашәара амҩала": Ԥанганаа рхәы иазкны

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхқәа есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит "Агәалашәара амҩала" захьӡу апроект аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи арадио аҿы шәырзыӡырыҩлар ҟалоит, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәаԥхьалар шәылшоит.