Асанаториақәа "МВО" "ПВО" Атәылахьчара аминистрра аҭара аҿҳәара иахыгоуп

Аминистрцәа Реилазаара ҿыц актәи аилатәара мҩаԥысит 2018 шықәса лаҵара 31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара асанаториақәа "Сухум", "Сухумский" Аԥсны Атәылахьчара анапаҵаҟахь риагара аҿҳәара ааныркылеит.

"Азҵаара алацәажәара ахаагеит атәыла Ахадеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрала. Ҳара ҳазыԥшын Атәылахьчара аминистрра ашәҟәы ҳзаанашьҭуеит ҳәа. Ашәҟәы иахьоуп ианаҳзаарга. Сгәы иаанагоит ушьҭантәи аилатәараҿы ҳалацәажәоит ҳәа", — иҳәеит Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа.

Асанатори "Сухум"– МВО, аҵакырадгьыл 20 гектар иҟоуп, 1800-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа аднакылар алшон. Асанатори "Сухумский" – ПВО 14 еихагыла иҟоу корпусуп.