Арадио

Дбар: Шьамтәылаа ирхыргаз бзианы ирдыруеит, уи аҩыза иахысыз аԥсуа жәлар

Шьамтәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара иазку митинг аҟны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар иазгәеиҭеит Шьамтәыла ажәлар ирхыргаз арыцҳара бзианы еилазкаауа шракәу аԥсуа жәлар.
Sputnik
Дбар: Шьамтәылаа ирхыргаз бзианы ирдыруеит, уи аҩыза иахысыз аԥсуа жәлар

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Шьамтәыла ҳџьынџьуаа рхыԥша шдуу, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны рлагала шмаҷым. 

"Ҳдиаспора ҳрылаҽхәартә иҟоуп, избанзар аԥсуа дахьнанагалак ишьҭа ҿаҿаӡа иахьаанимыжьыз ыҟаӡам. Рыӡбахә ҳамҳәар ҟалом аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, зыхьӡ нагоу аишьцәа Маршьанаа, аҳақьым Кәыџба. Иара убас иахьагьы Шьамтәыла иҟоуп аинралцәа, егьырҭ арратә чинқәа змоу аӡәырҩы аԥсуа хылҵшьҭрақәа. Аԥсны ахьԥшымра азхазҵаз абыжьбатәи ҳәынҭқарроуп — Шьамтәыла, быжьба аԥсуаа ҳҟны аҵак ҷыда амоуп. Анцәа сиҳәоит, есышықәса быжьба — быжьбала иацло ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵо атәылақәа", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар амитинг аҟны.