Коӷониа: ConIFA ачемпионат аҟны иҳамчу зегь ҟаҳҵоит
"Хымԥада, ишаҳҭахыз ҳзымхәмарит раԥхьатәи аматч аҟны, амҩагьы кьаҿымызт хәыҷыкгьы ҳааԥсаны ҳаҟан. Актәи атаим ашьҭахь иаҳа ҳхы ааҳарԥшит. Ишҳамчу ҳахәмаруеит, аиааира агаразы иҳалшо зегь каҳҵоит. Адунеи ачемпионат аҟны зегьы иӷәӷәаны ихәмаруеит, рмилаҭ азы аиааира агара иашьҭоуп. Иаҳдыруеит ҳахәмаррақәа Аԥсны зегьы шазҿлымҳау, ишҳадгыло, уи азы иҭабуп, ҳара иҳамчу зегь ҟаҳҵоит", — иҳәеит Коӷониа.
Иахьа асааҭ 16 рзы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәеи Карпаталиа (Украина инхо авенгрцәа) ашьапылымпыл асыҩцәеи еиқәшәоит.
Аԥснытәи акоманда раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥнагеит лаҵара 31 рзы. Тибеттәи акомандеи Аԥснытәи акомандеи реицыхәмарраан ҳшьапылымпыл асыҩцәа 3:0 ҳәа аиааира ргеит.