Арадио

Габуниа: Аԥсны азхаҵаразы ҳауаажәлар зегьы аус руроуп

Аԥсны ахьԥшымра анаҩстәи азхаҵаразы дарбанзаалакгьы аус иулароуп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik аефир аҟны азиндырҩы, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатиатә академиа аспирант Гьаргь Габуниа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Габуниа Аԥсны ахьԥшымра азхаҵаразы

"Иахьатәи ҳҭагылазаашьа уахәаԥшуазар, Урыстәыла имҩаԥнаго адәныҟатәи аполитика иадгыло аҳәынҭқаррақәа роуп зегь раԥхьа ҳазхазҵаран иҟоу. Аха уи азхаӡом, избанзар ҳара иаҳҭахуп адунеи  ауаажәлар зегьы ҳазхарҵарц. Уи азы аус утәуп. Иаҳҳәап, мраҭашәара иҿиахьоу, ишьақәгылахьоу аҳәынҭқаррақәа Франциа, Германиа, Британиа ду, Испаниа  реиԥш иҟоу  ирыҿцаалатәуп. Насгьы адәныҟатәи аусқәа  рминистрра  мацара акәӡам ари зусу, дарбанзаалакгьы Аԥсны иқәынхо иоума, анҭыҵ иҟоу аԥсуа иоума, ҳахьазхарымҵац аҳәынҭқаррақәа рҟны пропагандак аҳасабала дахьцәажәо, убригьы ҳҭагылазаашьаҟны иаҳмыхәозар, иаҳԥырхагам", — ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.